08.12.2025Аиустициа Аминистрра аҟны имоаҧысит Аиустициа Аминистр Анри Барцыци Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә центрқәа Рхантәаҩы Иавуз Аҭрышбеи реиҧылара.Аиҧылара рҽаладырхәит Аиустициа Аминистр ихаҭыҧуаҩ Еснаҭ Лакербаиеи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны азинмчы змоу Аҧснытәи ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡбеи.Аиҿцәажәараан инарҭбааны иалацәажәеит аетникатә аҧсуаа (абаза) рзинқәа, зҭоурыхтә территориа аанзыжьыз ахылҵшьҭрақәа аҧсуа (абаза) -аҧсуа жәлақәа рышьақәыргыларазы азҵаара.Уи анаҩс алахәҩцәа алацәажәеит Аиустициа Аминистрреи Аҧсны Афедерациеи рыбжьара русецуура арҭбаареи, аџьынџьтәылауаа азинтә цхыраара рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа.Ҷыдалатәи азҿлымҳара аҭан арзаҳал алазҵо, еиҳа еилыркаауа, ирзыманшәалоу абжьагаразы амҽханизм аҧҵара, Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧснытәи акультуратә центрқәа рыла аинформациатә цхыраарагьы налаҵаны. Ҭырқәтәыла ақалақь дуқәа рҟны аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа еизаку реиланхарҭақәа рҟны Аиустициа Аминистрра азанаҭуаа неины абжьагарақәа мҩаҧыргаразы алшара иахәаҧшит.Аиҧылара иалыҵшәаны аганқәа иаадырҧшит ишазыхиоу аимадара, инаҵышьны иазгәарҭеит зхатәы ҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь аимадара шьақәзыргыларц иашьҭоу рзы аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа рыцхыраараҿы асистематә знеишьа хадара шалоу. Адрес: г. Сухум, ул. Званба, 9Приемная: +7 (840) 229 44 90E-mail: minust_ra@mail.ruКанцелярия: +7 (840) 229 44 94 Facebook Instagram Youtube