08.07.2025Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Зураб -иҧа Гәынба Иусҧҟа арамкақәа ирҭагӡаны, 2025 шықәса азкәп Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори -иҧа Арӡынба игәалашәара.Аиустициа Аминистрра имҩаҧнагоит Владислав Арӡынба иҭынха иазкә аусмҩаҧгатәқәа рцикл. Иахьа имҩаҧысит аҩбатәи аусмҩаҧгатәы.Аиустициа Аминистрра аусзуҩцәа иқәдыргылеит Владислав Григори- иҧа исахьеи, еицырдыруа ицитата «Ҧсҭазаарас иҟоу ҧсадгьылуп»,ҳәа зну астенографиатә инсталлиациа. Убасгьы, ишьақәыргылоуп архивтә фотосахьақәеи, уи иаамҭазтәи аепохазы аинтҽрес зҵоу ацитатақәеи рыла еиқәыршәоу астенд -досу аҭоурых акьысра илшартә еиҧш.Владислав Арӡынба игәалашәара хьчо, Ҳара еиқәҳархоит ҳҳәынҭқарра ашьаҭа, уи нас ираҳҭоит абиҧара ҿыцқәа. Адрес: г. Сухум, ул. Званба, 9Приемная: +7 (840) 229 44 90E-mail: minust_ra@mail.ruКанцелярия: +7 (840) 229 44 94 Facebook Instagram Youtube