01.09.2025

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы есышықәса имҩаԥнагоит нхыҵ инхо ҳџьынџьуааи Аԥсны иқәынхо аԥсуааи реимадара аҿиареи арӷәӷәареи рзы аҿар аԥхынтәи рлагер.

Ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара, ашьаҭа амырӡра хадара злоу аус акәны иаԥхьаӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа Аминистрра.

Ас еиԥш хра злоу аус аҟны иааз аҿар, рыԥсуа жәлақәа еиҭашьақәыргыланы аршаҳаҭгақәа рыҭаны, атәылауаҩшәҟәы рнапаҿы ироуразы Аиустициа Аминистрра аусзуҩцәа адгылара ду ҟарҵеит.

Абиԥарақәа реимадаразы, апрофессионализм ду аарԥшны, ахаҵгылара ду арҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа Аминистрра аусзуҩцәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра анотариати АҬАР рхылаԥшразы азаанаҭуаҩ хада Џьопуа Асҭанда Родик-иԥҳа, Аҟәа араион АҬАР аиҳабы Бигәаа Џьулета Чага-иԥҳа, ақ. Аҟәа анотариалтә контора Nº7 анотариус Дбар Амра Уасил-иԥҳа, Гәылрыԥшь араион АҬАР аорган аинспектор — архивариус Аршба Фатима Валери-иԥҳа.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа Аминистрра аусзуҩцәа, иаадырԥшыз рџьабааи ламыс — цқьала разныҟәареи азы аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьеит.

 

Адрес: г. Сухум, ул. Званба, 9

Приемная: +7 (840) 229 44 90

E-mail: minust_ra@mail.ru

Канцелярия: +7 (840) 229 44 94